Print this page
27.Жьҭаара.2023

Аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аконсультациақәа Минск ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгаратә делегациа ареспублика Ахада инапынҵала аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аконсультациақәа рылахәхаразы Белорусь инеит.

Минск ақалақь аҿы имҩаԥысит аԥсуа делегациеи аминистрцәа Рхеилак Аппарат анапхгаҩы Константин Бураки реиԥылара.

Иахьа Минск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп аҩганктәи анапхгарабжьаратәи аконсультациақәа.

Аԥсны аганахьала аконсультациақәа рхы аладырхәуеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, агәабзиарахьчара  аминистр Едуард Быҭәба, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр; иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

Аԥснытәи аделегациа алахәылацәа Ареспублика Белорусь апрофильтә хылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа ирԥылоит. Аиԥыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусхкытә аҩганктәи апроектқәа рылацәажәара азԥхьагәаҭоуп.  


Read 604 times - Ахәаша, 27 Жьҭаара 2023 19:06