Print this page
26.Жьҭаара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент аҿы «Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект иахәаԥшит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 26 рзы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы «Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» Азакәан апроект иахәаԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Иарбоу азҵаара ахәаԥшра рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашба, адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа. Инарҭбаау аилатәара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Бадрик Ԥлиа.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит «Аинвестициатә усура азы» азакәан  аиҭакрақәа ралагалара. Ахәҭакахьала:

– еиҳа аԥыжәара змоу аинвестициатә проектқәа рынагӡара зылшо, иара убри ала иазԥхьагәаҭоу азинҷыдақәеи апреференциақәеи раиура  зылшо ахаҿқәа рыаарԥшра;

– аҳәынҭқарра-хазхаҭалатә партниорра азы аиқәшаҳаҭра азы аҭагылазаашьақәа, астратегиатә инфраструктуратә проектқәа рынагӡараан аинвестициатә усура аҷыдарақәа аазырԥшуа анормақәа рышьақәыргылара.

Азакәан апроект инақәыршәаны, апреференциатә инвестициатә проектқәа аԥснытәи еиԥш аҳәаанырцәтәи аиуристтә хаҿқәа рыла инагӡахоит. Иара убас уи аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи апартнирра азы аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа шьақәзыргыло анормақәа рыла ихарҭәаахоит.

Апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу  Жәлар Реизара-Апарламент асессиа  амшхәаԥштә алагалареи уи актәи аԥхьараҿы адкыларазы абжьгара аҟаҵареи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

 

 


Read 627 times - Аԥшьаша, 26 Жьҭаара 2023 18:26