Print this page
25.Жьҭаара.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа Риазантәи аобласт ала Росгвардиа алицензиа-зинҭаратә усура Ацентр иаҭааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  25 рзы аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьан напхгара зиҭо  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аделегациа Риазантәи аобласть ала Росгвардиа алицензиа-зинҭаратә усура Ацентр  иаҭааит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа Риазантәи аобласть  ала Росгвардиа алицензиа-зинҭаратә усура Ацентр  амаҵзуратә усура шымҩаԥысуа гәарҭеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара аусзуҩцәа апрофиссионалтә квалификациа ашьҭыхра хықәкыс иҟаҵаны Москваҟа ицеит.


Read 315 times - Аԥшьаша, 26 Жьҭаара 2023 15:08