Print this page
24.Жьҭаара.2023

Жьҭаарамза 28 – 29 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит жьҭаарамза 28 – 29 рзы Бзыԥтәи ампподром аҿы.  

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны 800, 1400, 1600, 1800, 2000, 2400, 3200, 4000, 6000 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит. Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа аҽытә шьапылампыл, аҵәеигәыдҵара, аимҵакьачара, уҳәа реиԥш иҟоу аҽы-спорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара аадырԥшраны иҟоуп.

Аицлабрақәа ирылагоит асааҭ 10:00 рзы.

Атурнир рхы аладырхәраны иҟоуп Очамчыра, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа ркомандақәеи Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк акомандеи.

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. 

 

 


Read 434 times - Аҩаша, 24 Жьҭаара 2023 20:15