Print this page
19.Жьҭаара.2023

Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Кәыҵниа Лев  Константин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас иаҭаразы Аусԥҟа ҭыжьуп.

Ахада Иусԥҟала Кәыҵниа Лев  Контантин-иԥа Урыстәылатәи Афедерациа  арегион ҿыцқәа аус рыцуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп. 

Аусԥҟа иаҵаҩуп 2023 шықәса, жьҭаарамза 18 рзы.

Аусԥҟаҿы иҳәоуп:

 «Лев Константин-иԥа Кәыҵниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭарнак ҷыдас дҟаҵазааит Урыстәылатәи Афедерациа арегион ҿыцқәа ( Донецктәи Жәлар р-Республика, Лугансктәи Жәлар р-Республика, Запорожиатәии Херсонтәии аобластқәа) аус рыцуразы».

 

 


Read 270 times - Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 11:10