«Иарбоу амедицинатә еиқәыршәагақәа екстерла амедицинатә цхыраареи аинтенсивтә терапиеи зҭаху ҿыц ииз ахәыҷқәеи апациентцәеи рзы акырӡа аанагоит, избан акәзар урҭ аамҭа кьаҿ иалагӡаны ҿыц ииз ахәыҷы ахәышәтәырҭа аҟынӡа транспортла ииагареи иахәҭоу ацхыраара иҭареи алдыршоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис Аԥсны иқәынхо анацәеи урҭ рыхшаареи ргәабзиара ахьчара аганахьала амаҵзурақәа рыҩаӡара ашьҭыхра иазкны аусура ацҵара агәы иҭоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахалыԥшрала аус зуа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (UNICEF) Аҟәатәи аофис ахада Оливие Тоне.