Print this page
13.Жьҭаара.2023

Москва ақалақь аҿы Даур Ақаҩбеи Михаил Швыдкими реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Москваҟа иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны жәларбжьаратәи акультуратә усеицура азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҷыдоу ихаҭарнак Михаил Швыдким диԥылеит. .

Даур Ақаҩбеи Михаил Швыдкими акультура аусхкы аҿы Аԥсни Урыстәылеи русерцура аҿиара аҭагылазаашьеи  апеспективақәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, иара убас акультуреи аҟазареи русхкы аҿы аҩганктәи аимадарақәа рҳәаақәа рырҭабаара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара  иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ишазхиоу азгәарҭеит.


Read 489 times - Ахәаша, 13 Жьҭаара 2023 14:46