Print this page
11.Жьҭаара.2023

Аԥсны иазԥхьагәаҭоуп Аҟәа-Уфа ишиашоу еимаздо авиаеимадара абжьаҵара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада агәра ганы дыҟоуп Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра аныҟалалак ашьҭахь  ареспублика иаҭаарц зҭаху Башкортоҭантәи атуристцәа рхыԥхьаӡара акыр ишацло.  

«Сара ус ишыҟало азы агәра ганы сыҟоуп. Ҳара ҳҳаирбаӷәаза излауо ала ирласны аартра алыршазарц ҳҭахуп. Сгәыӷуеит, уи аартра ашьҭахь хара имгакәа Уфеи Аҟәеи ишиашо еимаздо авиареисқәа шыҟало», - ҳәа агентра «Башинформ» аҟынтәи азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Уи аԥхьа амассатә информациа ахархәагақәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза актәи ареис аднакылоит 2024 шықәсазы, уи аиҭашьақәыргылара азы атендер иаиааиз урыстәылатәи аилазаара ала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь ҳәа адырра ҟарҵеит. 

 

 

 


Read 316 times - Аԥшьаша, 12 Жьҭаара 2023 00:00