Print this page
09.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Хомс ақалақь аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы Башар Асад дидышшылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Хомс ақалақь аҿы иҟалаз атеррористтә акт инамаданы Башар Асад дидышшылеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылаз аҿари зхыԥхьаӡараҿы аҳәсеи акагьы зхарамыз ахәыҷқәеи ыҟаз аҭынч уааԥсыреи рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз ари агәымбылџьбаратә акт авторцәеи анагӡаҩцәеи ӷәӷәала ирықәыӡбоит.

Аԥсуа жәлар зегьи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи срыдышшылоит, ахәрақәа зауз иаарласны ршьапы иқәгыло, аиашьаратә Шьамтәыла жәлар зегьы рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзеиӷьасшьоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адышшыларатә телеграмма аҿы.

Атеррористцәа рнапхгарала пилотдатәи аԥырратә аппарат жьҭаарамза  5 рзы ақалақь Хомс иҟоу арратә ҵараиурҭа еихсит. Имҩаԥгаз атака иахҟьаны шә-ҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит.   

 

 


Read 364 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 11:34