Print this page
07.Жьҭаара.2023

Акультура аминистр Даур Ақаҩба Давид Терзиан ииубилеи идиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор Хада, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан 50-шықәса ихыҵуеит.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба  Давид Терзиан ииубилеи идиныҳәалеит.

«Иналукааша, ганрацәала иҟоу шәҟыбаҩ, шәусуралшара ду, шәыԥсҭазаара здышәҳәалаз шәусура ламысла анагӡара, Шәара шәзанааҭ аҿы ақәҿиара дуқәа шәзаанагеит.

Шәара ааԥсарак ҟамҵақәа инашәыгӡо аусура иабзоураны Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр  инарҭбаау арепертуари артистцәа иҳараку рынагӡаратә ҟазареи рыла еицырдыруеит. Ламысцқьала шәусура азнеишьала Шәара шәколлегацәа рҟынтәи аҳаҭырқәҵара, ҳреспублика аҩныҵҟа еиԥш уи анҭыҵгьы ахәаԥшцәа рыбзиабареи шәбаҩхатәра азхаҵареи шәҽаԥсашәтәит», - ҳәа иазгәаҭоуп атәыла акультура аминистр иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Даур Ақаҩба аиубилиар агәабзиара, ахирра, иҿыцу арҿиаратә қәҿиарақәа изеиӷьаишьеит. 

 


Read 220 times - Аҩаша, 10 Жьҭаара 2023 08:56