Print this page
08.Жьҭаара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит Бзыԥтәи аипподром аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Бзыԥтәи аипподром аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысуеит. Аицлабрақәа рымш апрограмма аҿы иарбоуп 1000, 1200, 1600 (2 ҽырыҩрак), 2000, 2400, 3200 метра рҟынӡа инаӡо адистанциақәа рыла быжь-ҽырыҩрак.

Аҽырыҩрақәа рнаҩс аҽыбӷаҟазацәа ахәаԥшцәа иддырбоит аҽылашьапылампыли аҵәеигәыдҵареи реиԥш иҟоу аҽыспорттә еиндаҭларақәа рҿы рҟазара.

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәаразы Аԥхьахә агаразы аҵәеигәыдҵаразы аицлабрақәа рхы аладырхәит акомандақәа «Ҟәланырхәа», «Гагра».   Асчиот 12:4 ала аиааира агеит акоманда «Ҟәланырхәа». 

 

 


Read 232 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 17:40