Print this page
09.Жьҭаара.2023

Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иалагеит ҭагалантәи аррахь ааԥхьара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа инақәыршәаны, жьҭаарамза 1 инаркны арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭахоит арратә ԥхьатәара иҟам, арратә уалԥшьа анагӡара иаҵанакуа, 18 шықәса инаркны 27шықәсанӡа зхыҵуа Аԥсны атәылауаа.

Аррахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аҩныҵҟати аусқәа Рминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҵара Аминистрра.

Атәылахьчара Аминистрра арратә маҵзура ахь ааԥхьара амҩаԥгара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахылаԥшреи анапхгареи анаҭоит.

Ҭагалантәи аррахь ааԥхьара хыркәшахоит ԥхынҷкәынмза 31, 2023 шықәсазы. 

 

 


Read 299 times - Ашәахьа, 09 Жьҭаара 2023 13:41