Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Ашәба Лаша, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ашәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.