Ишәзеиӷьаҳшьоит ачҳареи амч-лшареи аԥсуа ишықәснҵыра дууи! Арҵаҩы имш Аныҳәа шәадныҳәалаз!» – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҟны.
Аҟәа. Жьҭаарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аполитикатә партиа «Аиҭаира» арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, ареспублика аҿы аус зуа аҵарадырратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа арҵаҩы Имш инамаданы ирыдныҳәалоит.
«Шәара зегьы шәыԥсҭазаара ашкол иадҳәалоуп. Згәы хыҭ-хыҭуа ашкол ахь раԥхьаӡа зшьапы еихызгаз, раԥхьатәи рырҵаҩы ирзааигәоу уаҩны дзыԥхьаӡоз ҳара ҳхәыҷқәеи ҳмаҭацәеи арҵаҩцәа рыбзиабареи рыхшыҩзышьҭреи рыцуп. Шәара шәзанааҭдырра, шәҭакԥхықәра, ахәыҷқәа рызнеишьа адырреи ирыбзоураны иахьатәи аҵаҩцәа аӡәырҩы аԥсҭазаараҿы рхатә ҭыԥ алырхуеит, ҳтәыла уаҵәтәи амш ашьақәгылараҟны ихьӡырҳәаганы иҟалоит.
Ишәзеиӷьаҳшьоит ачҳареи амч-лшареи аԥсуа ишықәснҵыра дууи! Арҵаҩы имш Аныҳәа шәадныҳәалаз!» – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҟны.