Print this page
04.Жьҭаара.2023

Гәылрыԥшь араион аҿы амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара иазкны акциа мҩаԥысит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Араиоқәа рхадарақәа аҵара аҟәшақәа алархәны Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭала еиҿкаау амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара иазку акциа мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.   

Араион автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа ашколхәыҷқәа рыцны амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәара иазкны апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит.  Ашколхәыҷқәа амашьынарныҟәцаҩцәа ирырҭон амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи апассаџьырцәеи ашьаҟауааи ршәарҭадара аиҷаҳареи рхымԥадатәра азы ааԥхьарақәа зну абӷьыцқәа. 

 

 


Read 584 times - Ахаша, 04 Жьҭаара 2023 13:43