Print this page
03.Жьҭаара.2023

Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны амҽышатәи ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа рышьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны амҽышатәи ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит. Аԥсуа бызшәа аурокқәа  мҩаԥылгоит аԥышәа змоу арҵаҩы  Виолетта Перцхьелиа.

Ашкол апрограмма аҿы иара убас алитература, Аԥсны аҭоурых, акультура азы алекциақәа азԥхьагәаҭоуп.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахәыҷқәа реиԥш аиҳабацәагьы хәыда-ԥсада амҽышатә школ ахь ааԥхьара рынаҭоит.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит абри аҭыӡҭыԥ ала: Москва ақалақь,  Гагаринтәи абжьаларҭа, аҩны № 11. Аҭел: +7(495) 637-38-68. 

 

 


Read 432 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 15:27