Print this page
03.Жьҭаара.2023

Аслан Бжьаниа Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден     I аҩаӡара ианеишьеит.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра  азхаҵареи аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи  аус аҿы илагала ду азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьахеит.


Read 380 times - Аҩаша, 03 Жьҭаара 2023 15:28