Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа атәылахьчара Аминистрра акомандаҟаҵаратә еилазаара изаамҭанытәи арратә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
«Аинрал-леитенант» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ранашьахеит:
Аҳаирҿагыларатә хьчара аинрал-маиор, Арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба;
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Нодар Аҩӡба;
Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, атәылахьчара Аминистрра арезервтә хәҭақәеи аҟәшақәеи разыҟаҵара азы Аусбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Лизберт Поцхор-оглы.
«Аполковник» ҳәа изаамҭанытәиу арратә хьӡы ианашьахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ, аподполковник Вадим Камкиа.