Print this page
29.Цәыббра.2023

Виачеслав Володин Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аԥсны жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа рыдиныҳәалеит.  

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа!

Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу апарламентбжьаратәи аимадарақәа рыҿиара ҳтәылақәа руааԥсыра зегьы ринтересқәа рыхьчара иазырхоуп.

Хаҭала Шәареи шәколлегацәеи гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит шәусураҿы ақәҿиара дуқәа,  аиашьаратә аҩызаратә Аԥсны жәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи». 

 

 


Read 424 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 22:05