Print this page
29.Цәыббра.2023

Ахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсныҟа дааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев аԥшьаша ахәылбыҽха, Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит Аиааира амши Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц азы.

Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы ауаԥс делегациа дырԥылеит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, иара убас аиустициа аминистр  Анри Барцыц, Гагра араион Ахада Иури Ҳагәышь.

Алан Гаглоев Гагра араион Ԥсахара ақыҭан 1992-1933 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Џьамал Сиукаеви Роберт Петров - Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рҳаҭгәынқәа рыҟны ашәҭқәа шьҭаиҵеит.

Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа иалахәуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, атәылахьчара аминистр Мараҭ Павлов, Апарламент адепутатцәа.

 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/7598-prezident-yuzhnoj-osetii-alan-gagloev-pribyl-v-abkhaziyu.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 237 times - Ахәаша, 29 Цәыббра 2023 20:36