Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Апарламент адепутатцәа Асҭамыр Герхьелиеи Инар Гыцбеи.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Гәысмҭа аҳаблаҿы 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылеит.
Амемориал аартразы аидеиа рызцәырҵит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Абаҟа аргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьниеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟынтәи ацхыраара иабзоураны имҩаԥысит.