Print this page
22.Цәыббра.2023

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны аинтеллигенциа Аидгылара активла аус ацура иазхиоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтеллигенциа Аидгылара апрезидиум алахәылацәеи атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи реиԥылара мҩаԥысит аԥшьаша, цәыббрамза 21 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аполитикеи Алада Кавказ ашәарҭадареи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы.
Аиԥылараҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Аԥсны аинтеллигенциа Аидгылареи рыбжьара еиҳа активла аусеицура алыршара иазку апланқәа алкаахеит. 

 


Read 493 times - Ахәаша, 22 Цәыббра 2023 16:50