Print this page
20.Цәыббра.2023

Ибрахим Аҩӡба: Ҭырқәтәыла шәнызықьҩыла иқәынхо аԥсуаа рыхьӡала агәаанагара аҳәара ииашаӡам.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Ахаҭарнак аџьынџьуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәларра рҿы апартаменқәа рыҭира азы азакәан апроект активла алацәажәара мҩаԥысуеит. Ареспублика Аԥсны Ахаҭарнакра Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтәи  адиаспора зегьы рыхьӡала агәаанагара аҳәра азы Аԥсныҟа аӡәы ддәықәҵоуп ҳәа адырра сымаӡам», - ҳәа иаҳәоит ашәҟәы аҿы.

Ибрахим Аҩӡба «Ҭырқәтәыла шәнызықьҩыла иқәынхо аԥсуаа рыхьӡала агәаанагара аҳәара азы аҭакԥхықәра зхахьы изго адиаспора хазы игоу ахаҭарнакцәа рхымҩаԥгашьа иашам», ҳәа иԥхьаӡоит.  

Цәыббрамза 20 рзы асоциалтә ҳақәеи Telegram-каналқәеи рҿы Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Ерфан Ачба, Сариа Етлух, Иавуз Гәынба Аҟәа ақалақь имҩаԥгаз апресс-конференциа аҿы апартамнтқәа рзы азакәан апроект адкылара ишаҿагыло, уимоу уи ажәлари атәыла ахьыԥшымреи ашәарҭара иҭанаргылар алшоит ҳәа ишықәгылаз азы адырра аларҵәахеит.  Ерфан Ачба, аԥшьгаратә гәыԥ «Аԥсны»  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рыхьӡала иарбоу азакәан апроект архынҳәра азы ҩ-нызықьҩык рҟынӡа Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рнапы зҵарҩыз ааԥхьара дәықәнаҵеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Иахьа Апарламент аҿы  Ерфан Ачба, Сарииа Етлухи Иавуз Гәынбеи  адепутат  Кан Кәарҷиеи реиԥылара мҩаԥысит. Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥсны аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. 

 

 


Read 210 times - Аԥшьаша, 21 Цәыббра 2023 10:45