Print this page
18.Цәыббра.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Никарагуа ажәлар ахьыԥшымра Амш инамаданы ирыдныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра Амш инамаданы адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ари амш Никарагуа аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа мшны иҟоуп. Уи Никарагуа ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ашьҭазаара символра ауеит.  Аԥсны жәлар ахьыԥшымра аиура амҩаҿы шаҟа ԥышәареи шаҟа мыҟәмабареи цәырҵуа атәы зеиӷьаҟам ала ирдыруеит, ари Амшныҳәа азы шәгәырӷьара гәык-ԥсыкала ишәыциҩыршоит.  Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьалаз аиашьаратәи аиҩызаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа даара ҳаҭыр ҳзақәуп.

Агәра ҳгоит, аринахысгьы ҳаизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара шаиуо. Уи, жәаҳәарада, аиҩазыратә еизыҟазаашьақәа рыла еимадоу ҳажәларқәа реизҳазыӷьара иазкхоит» 

 

 


Read 411 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 19:56