Print this page
18.Цәыббра.2023

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аимадаҩцәа ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа реимадара аиҿкаара рылшеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аимадаҩцәа ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа реимадара аиҿкаара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.

Аԥсны, ашьхара иҟоу ахысарҭатә дәы Ҵабал аҿы аимадаҩцәа иаартуи иаркуи аканалқәа рхархәарала анапхгараҭаратә ҭыԥқәеи аидҵара аҟәшақәа рабонентцәеи рыбжьара ихьчоу аимадара еиҿыркааит.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, еиуеиԥшым адиапазон ҭбаа змоу аимадаратә каналқәа рҿы иҷыдоу ҳаамҭазтәи аппаратура аусушьа агәаҭара мҩаԥысит.  

Иара убас аррамаҵзурауаа икьаҿу ацәқәырԥатәи икьаҿӡоу ацәқәырԥатәи арадиостанциақәа рхархәарала ашьха иаԥну аҭыԥқәеи амшын аԥшаҳәеи рҿы ихыҭҳәаау аӷа иабашьраан анапхгараҭаратә ҭыԥқәа рыбжьара аимадара аиҿкааразы анормативқәеи аҵаратә усдҵақәеи нарыгӡеит. К


Read 387 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 19:43