Print this page
17.Цәыббра.2023

Жәандәрыԥшь ақыҭа инхо ахаҵа 148 цыра рҟынӡа акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа имырхит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы амаҵзура Аусбарҭа аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласны ақәҿыҭразы иҷыдоу Аотриад аруаа рыцны, Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа алархәны   имҩаԥыргаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Ҭҟәарчал ақалақь азааигәара абнара иахьаҵанакуа аус зуа амаининг-ферма рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Агәаҭара амҩаԥгара аамҭазы афымцала аиқәаршәаразы иаҿакын акриптовалиута арҳара иазку 148 цыра аппарат. Ааигәанӡа ахархәара змаз афымцамч амчра - 100,3 кВ/с.рҟынӡа инаӡоит.

Акрипто-ферма аԥшәма – Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Агрба Еснаҭ Валериан-иԥа иганахьала,  Аԥсны Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 96 инақәыршәаны аԥкаанҵа еиқәыршәахеит.  

Акриптовалиута арҳара азы аппаратқәа изтәыз имхны аамҭала аҵәахразы ҷыдала уи азы иазалху ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.


Read 378 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 11:48