Print this page
15.Цәыббра.2023

Аԥснытәи аспортсменцәа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла Аԥхьахәгара рхы аладырхәуеит.

Аҟәа.  Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа  24  шықәса зхымҵыц аиқәԥаҩцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Урыстәыла Аԥхьахәгара  рхы аладырхәуеит.

Даниил Харчлаа зыкапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит,  Баграт Ԥандариа, Инар Кетиа, Мараҭ Кокосқьери зыкапантә категориа 70 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара иқәгылоит, Асҭамыр Гәынба зыкапантә категориа 79 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит.

Атурнир цәыббрамза 14-18 рзы  ақалақь Наро-Фоминск аҿы имҩаԥысуеит.

Аицлабрақәа жьҭаарамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу адунеи аԥхьахәгара U-23 аламҭалазтәи алхратә етап хаданы иҟалоит. 

 

 


Read 195 times - Ахәаша, 15 Цәыббра 2023 14:59