Print this page
15.Цәыббра.2023

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аҟәа араион активи цәыббрамза 13, 2023 шықәсазы реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо аҽазышәара уын иқәгылара аҽа ҵаҵӷәык аҭазарц, аиҳаракгьы аинформациа анонимтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи, аконтекс иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа.

Иарбоу ахымҩаԥгашьа ауаажәларра рҿы аибарххара арҵысуеит.

Аминистр иқәгылара ззырхаз атәылаз алахьынҵатә ҵакы змоу азҵаарақәа ныҭкааны рылацәажәара акәын.

Инал Арӡынба араионқәа рҟны иқәгыларақәа раан Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ашәарҭара атәы дирдыруан изыӡырыҩцәа, хаҭала Аԥсни агәыларатә тәылақәеи реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылон.

Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверинитет арӷәӷәаразы ишхымԥадатәиу ауаажәларра-политикатә мчрақәа реидгылара.

 

                               

                               

 


Read 197 times