Print this page
14.Цәыббра.2023

Аҟәатәи 2-тәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара аамҭала еиԥҟьеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыԥшырҭатә ҟәша ахь зхаҭара шьақәыргылам џьоукы рҟынтәи Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 амина аҵаҵоуп ҳәа  адырра ҟалеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит.

«Асааҭ 12:00 рзы ҳара ашкол амина аҵарҵеит ҳәа адырра ҳауит. Оперативла ахәыҷқәеи ашкол аусзуҩцәеи ревакуациа мҩаԥган. Араҟа аус руеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амаҵзуақәа зегьы. Иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥысуеит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Лев Кәыҵниа.


Read 190 times - Аԥшьаша, 14 Цәыббра 2023 21:56