Print this page
14.Цәыббра.2023

Аԥстәбара зцу амҩатә машәыр хҭысқәа ҩба ҟалеит иаҳхысыз аҵх ауха.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 00 сааҭи 27 минуҭи рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа азааигәара автомашьына  «Лексус» амҩа аҿықә аҿы игылаз аҵла иаахеит. Амашьына аԥсҟы зкыз,  1987 шықәсазы ииз, Тула ақалақь аҿы инхоз ахаҵа иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра.

Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр хҭыс аҿы дҭахеит  1991 шықәсазы ииз ареспублика атәылауаҩ. Атрагедиа ҟалеит ашырԥазы, 5 сааҭки 46 минуҭи рзы. 

 

 


Read 211 times