Print this page
14.Цәыббра.2023

Аԥсны еизгоу акоманда адунеи Ачемпионат CONIFA 2024 ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны еизгоу акоманда адунеи Ачемпионат CONIFA 2024 ахы аланархәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.  

Адунеи ачемпионат CONIFA 2024 алахәхаразы Аԥсны еизгоу акомандеи Арцах еизгоу акомандеи рыбжьара Алхратә матч мҩаԥысраны иҟан сынтәа, ԥхынгәымза 10 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы.  Аха, ареспублика аҿы аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалам иахҟьаны, акоманда Аԥсныҟа изымааӡеит.  Убри инамаданы, CONIFA Аԥсны еизгоу акоманда иназыцҵоу ахәмаррақәа рымҩаԥгарада адунеи ачемпионат алахәхаразы аӡбамҭа аднакылеит.  

CONIFA 2024 мҩаԥысуеит аԥхын, 2024 шықәсазы Ирантәи Курдиҭан аҿы.


Read 181 times - Аԥшьаша, 14 Цәыббра 2023 11:53