Print this page
12.Цәыббра.2023

Аԥснытәи адраматә театр агастрольқәа аатит ааигәа Уфа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11 рзы, агастрольқәа раартра амш аҽны, Аԥснытәи адраматә театр   Башкортосҭан аҳҭнықалақь ахәаԥшцәа иднарбеит Аԥсны жәлар рартист Валери Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль  «Шьапыла».

Аартра ацеремониа аҿы дықәгылеит акультура аминистр Амина Шафикова. Уи ареспублика Ахада Ради Хабиров ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы  даԥхьеит.

Аԥснытәи адраматә театр адиректор Хада Алхас Ҷолокуа, Аԥсни Башкортосҭани ирыбжьоу иҷыдоу аизыҟазаашьқәа инарымаданы, Башкириатәи атеатр асцена аҿы ақәгылара даара игәырцыхцыхгоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Акультура аусхкы аҿы аусеицура, жәаҳәарада, Аԥсни Башкортосҭани ирыбжьоу аиҩызара  еиҳагьы иарӷәӷәоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Алхас Ҷолокуа.

Ахәаԥшцәа идырбахоит даҽа спектакльк – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәын иқәлыргылаз аспектакль - «Сариа».


Read 155 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 22:27