Аиндаҭларақәа зегьы ишиашо ицо аефир ала ателеканал «Матч! Боец», иара убас алига RCC: MMA&Boxing аофициалтә YouTube-канали рыла идырбахоит. Алагара аамҭа асааҭ 15:00 рзы.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Харитон Агрба цәыббрамза 8 рзы Челиабинс ақалақь аҿы, RCC Boxing Promotions аҟынтәи абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара изы ижәаҩатәу апрофессионалтә еиндаҭлара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Иара диацлабуеит 31-шықәса зхыҵуа Панаматәи абоксиор Алеқсандр Диуран.
Аиндаҭларақәа зегьы ишиашо ицо аефир ала ателеканал «Матч! Боец», иара убас алига RCC: MMA&Boxing аофициалтә YouTube-канали рыла идырбахоит. Алагара аамҭа асааҭ 15:00 рзы.