Print this page
04.Цәыббра.2023

Аҟәа ақалақь Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аҽазыҟанаҵоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба «Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира агара Амши разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рҽазыҟаҵара азы» ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Ақәҵара инақәыршәаны, цәыббрамза 27-30 рзы аҳҭнықалақь аҿы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи Аиааира агара Амши разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа  мҩаԥгахоит. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы аусуратә комиссиа аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе. 

Аусуратә гәыԥ азеиԥшқалақьтә аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа  рымҩаԥгара аплан еиқәыршәаны, анаҩс ашьақәырӷәӷәаразы аҳҭнықалақь Ахадарахь адгалара амҩаԥгареи дҵас иамоуп.


Read 137 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 17:34