Print this page
04.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 11 –16 рзы Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥыслоит аорӷантә музыка афестиваль.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11, асааҭ 20:00 рзы Пицундатәи ауахәама аҿы имҩаԥысуеит IX афестиваль «Аорӷантә хәылԥазқәа» аартра иазку аныҳәатә церемониа.  

Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны жәлар рартистка Марина Шамба, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гаделиа (аорӷан), Кристина Ешба (сопрано), Москватәи аконсерваториа апрофессор Евгениа Кривицкаиа (аорӷан), жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа Тимур Карданов (аорӷан), Регина Штеиман (альт), Елена Кеилина (аорӷан), Екатерина Мельникова (аорӷан), Марина Черепанова (аорӷан), Наталиа Гольфарб (аорӷан), Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Сергеи Будкеев (аорӷан), Урыстәыла жәлар рартистцәа  Алеқсандр Книазев (аорӷан), Рубин Абдуллин (аорӷан), Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алеқсеи Семионов (аорӷан).

Афестиваль мҩаԥыслоит  цәыббрамза 11 инаркны цәыббрамза  16 аҟынӡа. Есыҽны ҩба-ҩба концерт мҩаԥыслоит: актәи - асааҭ 17:00 рзы, аҩбатәи  – асааҭ 20:00 рзы.


Read 94 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 17:11