Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 1 инаркны цәыббрамза 1 аҟынӡа иаҭааз рхыԥхьаӡара 439 060-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 289 млн. 950 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 298 744-ҩык, афинанстә лагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ акәзар, уи 202 млн. 410 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит; Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иаҭааит 492 954-ҩык, иалагалаз афинанстә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 309 млн.965 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.