Print this page
04.Цәыббра.2023

Урыстәыла аекономика Аминистрра Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара азы аинвесторцәа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра аланарҵәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аекономика Аминистрра Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара азы апотенциалтә инвесторцәа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго азы адырра аланарҵәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит.

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи азыҳәамҭақәа рыдкылареи рыхәаԥшреи мҩаԥысуеит Санкт-Петербург ақалақь аҿы рашәарамза 16, 2023 шықәсазы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭашьақәыргылареи анаҩстәи ахархәареи рзы аинвестициатә проект урыстәылатәи аиуристтә хаҿы ила анагӡара азы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра» анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны нанҳәамза 31, 2023 шықәсазы аԥсны-урыстәылатәи Анапхгарабжьаратәи акомиссиа ацхантәаҩцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны имҩаԥысуеит.  

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рыла иалаҵахо арзаҳалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩцәа рыӡбамҭала анаҩс урыстәылатәи аиуристтә хаҿы икандидатура алкааразы ажәалагалақәа реиқәыршәара азы аԥсны-урыстәылатәи Акомиссиа аҿы ахәаԥшра ахәҭаны иҟоуп.   

Урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа рҟынтәи азыҳәамҭақәа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрреи Аԥсны аекономика Аминистрреи рыҟны цәыббрамза  15, 2023 шықәсанӡа ирыдыркылалоит.   

«Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара – Аԥсны азы аҭоурыхтә хҭысны иҟоуп. Аҳаирбаӷәаза аус амуеижьҭеит абар шьҭа 30-шықәса ҵуеит.  Ари афакт ареспублика аусуратәи атуристтәи усхкқәа рыҿиара ӷәӷәала иааннакылоит.  Урыстәыла азы аҳаирбаӷәаза ҿыц аамҭакала ихадоу ҩ-зҵаарак рыӡбара алнаршоит – иахьатәи амш азы Урыстәыла атәылауаа рзы   Аԥсныҟа рааразы ихадоу ҭыԥқәаны иҟоу Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи ганрацәалатәи автомашьынатә аужьҭра-гәаҭаратә пункт  «Адлер» рҟынтәи ӷәӷәала ирымоу ақәыӷәӷәара амнахуеит», - ҳәа Сенкт-Петербург ақалақь аҿы аҟәатәи аҳаирплан азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа аҿы иҳәеит  Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.

«Иарбоу аинвестициатә проект анагӡара Аԥсны аекономика аҿиара акыр хра злоу анырра анаҭоит.  Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аҳаирбаӷәаза аус алагара атуристцәа рзы ареспублика атранспорттә наӡара аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас  ҳтәыла жәларбжьаратәи атранспорт-логистикатә система аҿы алшарақәа рышьҭыхра  шалнаршо», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит аԥсуа ган аҟынтәи Аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз Аԥсны аекономика аминистр Кристина  Озган.


Read 171 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 11:27