Print this page
03.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 3 рзы Ареспублика Никарагууа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса ҵит.

Аҟәа. Цәыббрамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы Ареспублика Никарагууа ала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суеренитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15 шықәса ҵит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа Аԥсны азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы Никарагууа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Роналдо Монкада Колиндрес ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.  

 

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп:

«Иахьатәи амш ҳтәылазы акраҵанакуеит - цәыббра 3 2008 шықәса рзы Никарагуа Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рзин ишадгыло аанарԥшит. Уи ашьаҿа ҟарҵеит дара рхада, Аԥсны аҩыза бзиа Хосе Даниель Ортега Сааведра раԥхьа днаргыланы.

Аҩ-республикак рыбжьара аполитикатә диалог аҿиара амоуп, агәыӷрагьы ааҳарԥшуеит ҳусқәа зегьы ҳтәылақәа реизыҟазаашьа шеиӷьыртәуа, ишдырҿио ҳполитикатә диалог». 

 


Read 117 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 10:03