Print this page
02.Цәыббра.2023

Ааигәа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәахаз ацәгьоуразы ирбаандаҩу рхьырхәра анагӡаразы иалху аобиект аҟынтәи авидеонҵамҭа уажәы уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәаӡом.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ааигәа асоциалтә ҳақәа аԥснытәи асегмент  аҿы ирыларҵәахаз ацәгьоуразы ирбаандаҩу  рхьырхәра анагӡаразы иалху аобект аҟынтәи еилкаам аамҭазы иҟаҵаз авидеонҵамҭа уажәы уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәаӡом.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь хыԥхьаӡара рацәала  иааиуа иалагаз азҵаарақәа инарымаданы, цәыббрамза  2 рзы аиԥш-зеиԥшу аобиектқәа рҿы авидеонҵамҭақәа мҩаԥган.

Ахәаԥшцәа идырбан аԥсшьареи акыраамҭа аибабареи рзы ауадақәа. Араантәи аҩныҵҟатәи ашҭа убаратәы иҟоуп.  Аҷыдалкаатә обиектқәа рҿы зхархәара ҟамло изеиԥшразаалак аҵиаақәа роума амаҭәарқәа роума рыҟазаара шьақәыргыламхаӡеит. Ирбаандаҩу ауаа рыԥсшьараамҭа ахгара иазку атерриториа  иахьа зыдгалара мҩаԥгоу авидеоҭыхымҭа аҿы ишарбоу еиԥшҵәҟьа иҟоуп.


Read 122 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 09:52