Print this page
02.Цәыббра.2023

Очамчыра ақалақь аҿы цәыббрамза 1 азы имҩаԥысит ашьапылампыл азы Х атурнир «Аиаҵәа аира» мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ақыҭақәеи Очымчыра ақалақьи рҟынтәи 2013-2014 шш. рзы ииз аспортсмен ҿарацәа рыла ишьақәгылаз 14 командак рхы аладырхәит ашьапылампыл азы ачемпионат «Аиаҵәа аира».  

Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҟәша. Аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа иажәақәа рыла, ашьапылампыласыҩ ҿарацәа ашьапылампыл ргәы ацԥыҳәаны рҽазыҟарҵоит.

«Уи моу командацыԥхьаӡа иҟоуп ҷыдала раԥхьаҟа аспорттә қәҿиара дуқәа роуеит ҳәа агәыӷрақәа здуҳәалартә иҟоу ахәыҷқәа.  Ҳара ари ачемпионат ахьӡгьы ҷыдала ахшыҩҵак аҵаны иаҳҭеит... Иахьа ҳара ҳтурнир амҩаԥгара адыррақәа Рымш иақәшәеит, уи иара иҷыдоу аҵакы анаҭоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа.  

Аицлабрақәа  инеиԥынкыланы ҳазҭоу ашықәс рашәарамза инаркны цәыббрамза ахыркәшамҭанӡа имҩаԥысуеит. Хазы-хазы аспорттә еицлабрақәа зегьы реихшьаалақәа рыла атурниртә таблица аҿы аспорттә абзиабаҩцәеи ахәмарыҩцәеи аԥхьа игылоу акоманда аилкаара рылшоит.  


Read 110 times - Аҩаша, 05 Цәыббра 2023 09:26