Print this page
04.Цәыббра.2023

15-шықәса зхыҵуа Арина Смирнова «Аԥсҭазаара аиқәырхаразы» амедал ланашьахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Вологда ақалақь аҿы инхо Арина Смирнова «Аԥсҭазаара аиқәырхаразы» амедал ланашьахеит. Уи азы Адҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аԥсеиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Арина Смирнова ари аҳамҭа ланашьо, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, анрал-маиор Тигран Делибалтиан аминистр иҟаиҵаз Адҵа атекст иарбоу аҭыԥҳа лыуаҩратә ҟазшьа шьахәқәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аӡы иагоз ауаҩы иԥсеиқәырхараан иаалырԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи ахацәнамырхареи рзы», - ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.  Нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы, 15-шықәса зхыҵуа Вологда инхо аҭыԥҳа Алина Смирнова Нижни Тагилынтәи Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа иааз, Пицунда аплиажқәа руак аҿы аӡы иагоз 9-шықәса зхыҵуа Матвеи Паламачук иԥсы еиқәлырхеит.  


Read 292 times - Ашәахьа, 04 Цәыббра 2023 18:31