Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара иазкны имҩаԥгаз акомплекстә реидтә профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжьи аныҳәатә ԥсшьарамшқәеи рзы, нанҳәамза 21 -29 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа 1904 зинеилагара аадырԥшит, урҭ рахьынтә 103 – автомашьынақәа рсаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп.
69 – ҩык амашьынарныҟәцҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акразы административтә хьырхәра иақәыршәоуп. Урҭ рахьынтә хҩык анаркотикатә маҭәашьар рыдкыланы апассаџьыртә транспорт аԥсҟы ркын. Аӡәы ижәны, амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭга имаӡамкәа амашьына аԥсҟы ахьикыз азы 15 –мши-ҵхи ирҭагӡаны административтә арест иқәырҵеит.