Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илагалақәа рзы иара «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьан. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагара раԥхьатәи амшқәа инадыркны иара иԥсадгьыл ахьчаразы фырхаҵарыла деибашьуан. Арратә аԥырҩы иаҳасабала, иара 83 арратә ҵыԥраарақәа наигӡеит. Иара аӷа итехникеи имчқәеи рықәгареи, иара убас афронт абџьари аџьаԥҳани рыла аиқәыршәареи алиршон. Виачеслав Ахмет-иԥа ауаҩра, ақьиара, аамсҭашәара, уҳәа реиԥш иҟоу иреиӷьу ауаҩы иҟазшьақәа иныԥшуан. Ҳара зегьы ҳзы насыԥ дууп уи еиԥш иҟаз ауаҩы аамҭак азы адунеи ицықәлара, хаҭала идырра. Аԥсны аҵеи иаша ихьӡ кашәара ақәым, уи наунагӡа Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых адаҟьақәа ахьтәы нбанла ирнылеит. Даҽазныкгьы Виачеслав Ахмед-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи срыдышшылоит. Ҳтәыла иқәынхо зегьы шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩыршоит. Иԥсы ҭынчхааит! Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! Нанунагӡа ҳгәаҵаҿы даанхоит!