Print this page
30.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 30 рзы иазгәарҭоит Хабарда ибжьаӡыз ауаа ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 30 рзы хабарда ибжьаӡыз, мамзаргьы мчымхарыла ибжьарӡыз ауаа ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.  Ари арыцхә Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ала 2010 шықәсазы иаԥҵан. Убри нахыс иахьа уажәраанӡа адунеи зегьы аҿы ауаа ацәгьоура ӷәӷәа иалаӡыз реиԥш ирзааигәоу ауаа рхабар ззымдыруа урҭ рҭынхацәагьы ргәырҩеи рхьааи рыцеиҩыршоит.  

Ауаа хабарда рыбжьаӡра еиуеиԥшым амзысқәа амазар ауеит. Аха ишыҟазаалакгьы, мчымхарала ауаҩы ибжьарӡра ауаҩы изинқәа жәпакы еиланагоит: аԥсҭазааразы азин, ахақәиҭразы азин, ахазхаҭалара, уҳәа жәларбжьаратәи азин анормақәа рыла ишьақәыргылоу егьырҭ ауаҩы изинқәа.

Аԥсны 1992 – 1993шш. рзы имҩаԥысуаз аибашьра иахҟьаны хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан 200 – ҩык инареиҳаны. 120 ҭаацәара инареиҳаны иахьа-уажәраанӡа зыԥсыбаҩ рымԥшаац, мамзаргьы зхаҭара шьақәыргылам  рыԥҳацәа, рыҷкәынцәа рзы изеиԥшразаалак аинформациа иазыԥшуп.  


Read 289 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 14:56