Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы абжьара-занааҭтә ҵарадырра азы I Урыстәылазегьтәи афорум аҿы Аԥсны аҵара Аминистрреи амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара апропаганда азы урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә уаажәларратә еиҿкаареи «Амҩаҿы аныҟәара аинспектор қәыԥшцәа» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.
Амҩаҿы аныҟәара аинспектор қәыԥшцәа ротрядқәа – амҩатә ԥҟарақәа рзы ироуз адыррақәа рхархәареи аҭакԥхықәрара, амҩатә ныҟәара алахәылаҩ икультура рылааӡара, иара убас ахәыҷқәа амҩатә шәарҭадара азы аԥҟарақәа рынагӡара азы ашколхәыҷқәа рыла иаԥҵахо хатәгәаԥхаралатәи аиҿкаарақәа роуп.