Print this page
17.Нанҳәа.2023

Нанҳәамза 17, ашьыжьымҭан хабарда ибжьаӡыз Саратов ақалақь аҟынтәи иааз иԥшаара алыршахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥныпресс. Гагра ақалақь аҿы мышкы аԥхьа иӡыз Саратов ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз иахьа ашьыжь шаанӡа иԥшаара алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Гагра ақалақь аԥыԥшырҭа-еиқәырхаратә отриад иӡыз арԥыс асааҭ 04. 00 рзы Хашьԥсытәи аҩхааҭшәа иаҵанакуа абнара аҿы дрыԥшааит. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы аҳақьымцәа рахь днагоуп.

Хашьԥсытәи аҩхааҭшәа аҵакыраҿы иӡыз Саратов ақалақь аҿы инхо Кирилл Долбилов иуацәа нанҳәамза 16 рзы аиқәырхаҩцәа уи азы адырра рырҭеит.


Read 298 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 13:03