Print this page
16.Нанҳәа.2023

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ахәыҷқәа рзинхьчаҩи ахәыҷы изинқәа рыхьчара аганахьала аусеицура арҿиара иадгылоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Аусуратә еиԥылара аҿы ахәыҷқәа рзинхьчаҩ асоциалтә реабилитациа, ашәарҭадара, аҭаацәа рҟынтәи иахәҭоу ахылаԥшра аиура, згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ахәыҷқәа рҵарадырра, уҳәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит. Ирзааҭгылеит  иара убас аҭаацәа рхәыҷқәа рганахьала изакәанымкәа рхымҩаԥгашьагьы иадҳәалоу афактқәа.

Роберт Киут ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Аусбаҭа ареспублика аҿы аусура аҵакы хада шаҵоу азгәеиҭеит.

Роберт Киути Мактина Џьынџьали зықәра наӡам рзинқәа рыхьчара инамаданы анаҩстәи аусеицура алыршара азы еилацәажәеит.

 

 


Read 326 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:31