Аҳәынҭқарра Ахада ишьапы дықәгыларц азы мышқәак аҭаххоит. Дшаабзиахалак ашьҭахь, иара Урыстәылатәи Афедерациахь имаҵураныҟәара иациҵоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа москватәи аклиникақәа руак аҿы аоперациа изун.
«Ачымазарашьақәыргылара ашьҭахь, уи аоперациа изыҟарҵеит. Апроцедура бзианы имҩаԥысит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиареи иԥсҭазаареи рзы шәарҭара ыҟам» , -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада ишьапы дықәгыларц азы мышқәак аҭаххоит. Дшаабзиахалак ашьҭахь, иара Урыстәылатәи Афедерациахь имаҵураныҟәара иациҵоит.