Print this page
15.Нанҳәа.2023

Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз ауаҩшьра азы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәылрыԥшь араион Апрокуратура Асланӡиа Ҳаџьараҭ Шьоҭа-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1 инақәыршәаны (Ауаҩшьра) ашьаусеилыргара хацнаркит.    

«Аусеилыргаанӡатәи Аусбарҭа  ишышьақәнаргылаз ала, нанҳәамза 13, 2023 шықәса, 13 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа,  Асланӡиа Ҳаџьараҭ, ацәгьоура гәҭакыс иҟаҵаны, акыраамҭа иҟаз аҭаацәаратә цәымыӷхара иахҟьаны, аусеилыргаратә усбарҭала макьаназы ишьақәыргылам автомашьына ала Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан иҟоу аҭыԥ аҿы днеины Ԥачлиа Лаврик Шьиҭа-иԥа диԥылеит.  

Ҳаџьараҭ Асланӡиа, имаз ашәарыцага ҳәызба Ԥачлиа Лаврик ихәамц аганахьала фынтә илеиҵеит. Лаврик Ԥачлиа Гәылрыԥшьтәи араионтә хәышәтәырҭахь днаган, аха уи ихдырра мааиӡакәа иԥсҭазаара далҵит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада аофициалтә саит. Асландзия Х.Ш. ацәгьоура ахьыҟаиҵаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.

Иара убри аҽныҵәҟьа имҩаԥгаз акомплекстә оператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь, Асланӡиа Ҳаџьараҭ даанкылан. Уи Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.

Ааигәа аусеилыргаанӡатәи аусбарҭала Асланӡиа Ҳаџьараҭ иганахьала ҭакрала ахьырхәра изалхра азы Гәылрыԥшь араион аӡбарҭа ахь азыҳәамҭа дәықәҵахоит.


Read 323 times - Аҩаша, 15 Нанҳәа 2023 22:33