Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Акьырҭаа имҩа аҿы амцакра ҟалеит. Мыцхәы идууцәам асасааирҭа ҩны амца акит. Амца ааигәа игылаз ахыбрахь ииасит.
12 сааҭи 39 минуҭи рзы амцарцәаҩцәа ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы инеихьан. Амцарцәара иалахәын амцарцәаҩцәа рыбригадақәа ԥшьба, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.